Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура аҧҵеижьҭеи 22 шықәса аҵра азгәаҭара аламҭалазы Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Бганба Валери - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура Ахантәаҩы Зураб Марганиа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дәықәиҵеит. Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
Иахьа Аҧсны Жәлар Реизара аделегациа Краснодартәи атәылаҿацә Азакәанҧҵаратә Еизара 20 шықәса ахыҵра иазку агәырҕьаратә усмҩаҧатәқәа ирылахәуп. Апарламенттә делегациа аилазаараҟны иҟоуп Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Вагаршак Косиан – аделегациа анапхгаҩы, жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәии еимадарақәеи ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩыИури Зыхәба, абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак алахәылаҩ Анзор Кокосқьериа.
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа рыдыркылеижьҭеи 21 шықәса аҵра инамаданы Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара анапхгара ашҟа адныҳәалара дәықәиҵеит.
Аҧсны Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит Аҧсны Жәлар реизара адепутатцәеи, аҵарауааи, ашәҟәыҩҩцәеи, ауаажәларратә еиҿкаара “Ахеиқәырхара” алахәылаҩцәеи, ажурналистцәеи злахәыз Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәа Азакәан анагӡашьеи уи иацу ауадаҩрақәеи инарымаданы аилацәажәара.