Аҧсны иҟоу Урыстәыла ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Дмитри Иудин Аҧсны иҟоу Урыстәыла ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгара ахьӡала Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба идиныҳәалеит 1992 – 1993 шш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира амш.
«Цәыббра 30 аибашьра анеилгази Аҧсны жәлар фырхаҵарыла ақырҭуа агрессиа иаҿагыланы иргаз Аиааиреи ирымшуп. Иара убри аангьы ари амш гәымшәарала зыҧсадгьыл зыхьчоз, зхьыҧшымра, зҭоурых, здоуҳа зхы ақәызҵаз ирызку ахьааи агәалашәареи ирымшуп» – ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент ахьӡала, хаҭала Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент Аиҳабы Анатоли Бибилов Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганбеи Аҧсны жәлар зегьи ирыдиныҳәалеит аҳәынҭқарратәи, жәларызегьтәи аныҳәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра Амш.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
Аҧсны Ахьыҧшымра Амш аламҭалазы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Аҧсны Ахьыҧшымра Амш идылныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп: