Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Жәлар Реизара адепутатцәеи еиҧылеит.
Иалацәажәан атәыла ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа.
Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент
Аҧсны жәлар рышҟа Ааҧхьара ҟанаҵеит
Ҳаҭыр зқәу Аҧсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа зегьы, ҳаҭыр зқәу Уасил Шамуниа – иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит 90-шықәстәи аҭҵаарадырратә усура ду аиубилеи!
Иахьа жьҭаара 1 азы Москва ақ. аҟны аусура иалагеит IV Жәларбжьаратәи апарламенттә форум «Ҳазҭагылоу аамҭазы жәларбжьаратәи ашәарҭадара алыршараҟны апарламентқәа рроль» атемала.
Аҧсны иҟоу Урыстәыла ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Дмитри Иудин Аҧсны иҟоу Урыстәыла ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгара ахьӡала Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба идиныҳәалеит 1992 – 1993 шш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира амш.
«Цәыббра 30 аибашьра анеилгази Аҧсны жәлар фырхаҵарыла ақырҭуа агрессиа иаҿагыланы иргаз Аиааиреи ирымшуп. Иара убри аангьы ари амш гәымшәарала зыҧсадгьыл зыхьчоз, зхьыҧшымра, зҭоурых, здоуҳа зхы ақәызҵаз ирызку ахьааи агәалашәареи ирымшуп» – ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.