Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика аганахьала Қырҭтәыла имҩаҧнагаз бџьаршьҭыхла агрессиа быжьшықәса ахыҵра аламҭалазы Жәлар Реизара Аиҳабы Бганба Валери Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика Апарламент Аиҳабы Анатоли Бибилов ихьӡала ашәҟәы дәықәиҵеит .
Уи ишәҟәы аҟны иҳәоуп:
Имҩаҧысит изаамҭанытәиу Жәлар Реизара ааҧынтәи асессиа аусура хзыркәшаз аилатәара. Аилатәара мҩаҧигеит Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба. ,p>Иахәаҧшуп иагьрыдкылоуп аҵыхәтәантәи аҧхьараан Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан
Аилатәараҟны ирылацәажәан абарҭ азҵаарақәа: Аҧсны Аконституциа арҽеирақәа ралагаларазы "Аҧсны Реизара ахыҧхьаӡаратә еилазаашьазы" Аконституциа Закәан,"Ааҧсны Аҳәынҭқарраҟны ҭыҧантәи ахаланапхгареи анапхгареи рзы" Аконституциатә Закәан, "Аҧсны Аҳынҭқарраҟны ауаҩы изинқәа рзы Азинмчымоу изы" Аҧсны Азакәан апроект,"Аҧсны Аҳынҭқарраҟны ауаҩы изинқәа рзы Азинмчымоу изы аусбарҭа аҧҵара инамаданы Аҧсны аҳәынҭқарра аакәанҧҵаратә актқәак аҧсахрақәа ралагаларазы "Аҧсны Азакәан апроект, иара убас Агәмаа З. М. Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбара Ахантәаҩы имаҵурахьы иалхразы Жәлар Реизара Ақәҵара апроект.
Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Сергеи Нарышкин дидышшылеит Урыстәыла Афедералтә Еизара аладатәи апалата аҩбатәи ахҧатәи ааҧхьара Ахантәаҩы Геннади Селезниов иҧсҭазаара иалҵра инамаданы.
Адышшыларатә шәҟәаҟны иҳәоуп:
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 69 ахәҭаҷ инақәыршәаны Ахада Рауль ҳаџьымба Жәлар Реизара ахәаҧшырц азы ажәалагала ҟаиҵеит Агәмаа З. М. Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбара Ахантәаҩы имаҵурахьы иалхразы.
Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара. Уи мҩаҧигеит Аилак ахантәаҩы Гьаргь Агрба.