Имҩаҧысит адепутатцәа изаамҭанытәиу реилацәажәара.

Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит адепутатцәа изаамҭанытәиу реилацәажәара. Аилацәажәара мҩаҧигеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба. Уи иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаа Емма Гамсаниа, Вагаршак Касиан, Оҭари Ҵәыџьба, Даур Аршба иара убас адепутатцәа.

Аилацәажәара иалахәыз иазгәарҭеит ааигәа имҩаҧысраны иҟоу асессиахь ицәырыргараны иҟоу азҵаарақәа. Иара убас адепутатцәа адгылеит раҧхьа иргыланы аекономика ареалтә сектор ахь, ақыҭанхамҩахь, ааглыхрахь идәықәҵатәу афинансқәа рызҵаара.

09.02.2015
Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара аусуратә гәыҧ аилатәара

Аҧсны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысит «Агәабзиарахьчаразы»Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус адуларазы аусуратә гәыҧ аилатәара. Аилатәара мҩаҧигеит аусуратә гәыҧ ахантәаҩы, асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Аполлон Гәыргәлиа.

05.02.2015
имҩаҧысит «Агәабзиарахьчаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект аус адуларазы иеиҿкааз аусуратә гәы...

Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит «Агәабзиарахьчаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект аус адуларазы иеиҿкааз аусуратә гәыҧ аилатәара.

Аилатәара мҩаҧигеит аусуратә гәыҧ ахантәаҩы, асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аилак ахантәаҩы Аполлон Гәыргәлиа.

05.02.2015
Имҩаҧысит Апарламенттә Комиссиа инарҭбаау аилатәара

Имҩаҧысит АА атәылауаа азеиҧштәылауаҩратә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара азакәанра агәаҭаразы Апарламенттә комиссиа инарҭбаау аилатәара. Аилатәара иалахәын АА Апрокуратура, ААР, АШӘМ ахаҭарнакцәа. Имҩаҧигеит акомиссиа ахантәаҩы Аслан Кобахиа.

30.01.2015
АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА <p>“Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә – ҵакырадгьылтә акрақәа напхгарарыҭараҿы азакәанҧҵара аус адуларазы Аҧсны Жәлар Реизара аусуратә гәыҧ аҧҵаразы”

<p>Аҧсны Жәлар Реизара Аҧҟара 95 ахәҭаҷ 2 ахәҭа инақәыршәаны

                <p>Аҧсны Жәлар Реизара

          ,p. и а қә н а ҵ о и т:
26.01.2015
АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРАҚӘА

2012 шықәса мшаҧымза 10 инаркны № 3112-с-V (аҧсахрақәа зцу 2012 шықәса лаҵарамза 21 инаркны № 3145-с-V; 2012 шықәса рашәарамза 25 инаркны №3167-с-V; 2012 шықәса ҧхынгәы 25 инаркны №3179-с-V; 2012 шықәса жьҭаара 10 инаркны №3199-с-V; 2013 шықәса рашәара 12 инаркны №3342-с-V; 2013 шықәса ҧхынгәы 31 инаркны №3379-с-V; 2014 шықәса абҵара 21инаркны № 3611-с-V; 2014 шықәса ҧхынҷкәын 15 инаркны №3616-с-V) “Аҧсны Жәлар Реизара аилакқәа хыҧхьаӡаралатәи ҳаҭалатәи реилазаара аҳәаақәҵаразы” Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара аҧсахра алагаларазы

Аҧсны Жәлар Реизара Аҧҟара 21 ахәҭаҷ 1 ахәҭа инақәыршәаны

Аҧсны Жәлар Реизара

и а қә н а ҵ о и т:

26.01.2015

Pages: Prev. 1 ... 70 71 72 73 74 ... 85 Next