Аҧсны Жәлар Реизараҟны адепутатцәа раҧшьгарала имҩаҧысит адепутатцәеи аҧыза-министр Артур Амқәаби реиҧылара.
Аҧыза-министри адепутатцәеи реиҧылараҟны зҵаара хаданы иқәгылан Урыстәылеи Аҧсни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аинвестициатәи асоциалтәи программақәа рынагӡара амҩаҧысшьа атәы.
Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба адепутатцәа рыхьӡала Науру Ареспублика Апарламент Аиҳабы Лиудвиг Скотти Имшира идиныҳәалеит
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыҟны аусура ашықәсқәа ирылагӡаны шәара ишәырҳаит Науру Ареспублика атәылауаа рыҩныҵҟеиҧш атәыланҭыҵгьы аҳаҭырқәҵареи ахьӡи. Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ахә ҳаракны иршьоит ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы шәара шәлагаламҭа».
Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Жәлар Реизара ахьӡала аҳәынҭқарратә ныҳәа - Урыстәыла Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа дәықәиҵеитАҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев ишҟа.
Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба дрыдныҳәалеит Жәлар Реизара Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи урҭ рколлегацәеи.
Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Сергеи Нарышкини рыхьӡала иҟаҵаз адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:
Аҟәа, 12.00
Рауль Ҳаџьымба хантәаҩра азиуан ажьырныҳәа 22, 2015 шықәсазы Аҧсны Ахада Иусҧҟала иаҧҵаз Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара.
Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа Сҭамҧыл ацқьа ааӡабхгаҩ Гаргь Аиааиразцу ихьӡ зху аныхаҟны аҧшьмаҵзура далахәын
Жәлар Реизара адепутат Саид Ҳаразиа Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Сҭамҧыл лаҵарамза 27 инаркны 31-нӡа имҩаҧысуаз каратэ-до азы Адунеи ачемпионат иалахәыз аҧснытәи аспортсменцәа дрыцны дыҟан.